Аԥсны ахада Бадра Гәынба аԥсуа бызшәа амш аҽны имҩаӷигаз аилацәажәараҿы абызшәа аиқәырхареи аҿиареи рзы Аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟало аилак аиҿкааразы ажәалагала ҟаиҵеит. Уи азҵаара иазкын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба имҩаԥигаз аилацәажәара.
Аилацәажәара иалахәын аҵара аминистр Хана Гәынба, акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр, Д. Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа рзы Аԥснытәи аинститут аиҳабы Арда Ашәба, абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Гәында Кәыҵниа, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху агәыҳалалратә фонд аиҳабы Леуан Миқаа, афонд аусзуҩы Леуан Лагәлаа.
Аилацәажәара иалахәыз иҷыдоу аилак аиҿкааразы ирыӡбаз атәы Аҳәынҭқарра ахада идыргылоит.