• Республика Абхазия, г. Сухум, Набережная Махаджиров, 32

СОБЫТИЯ

Аԥыза-министр далахәын Аппалон Гәыргәлиа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз алахьеиқәҵаратә митинг

Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аиҳабыра рхаҭарнакцәа алахәын Аппалон Алмысхан-иԥа Гәыргәлиа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз алахьеиқәҵаратә митинг.

Аппалон Алмысхан-иԥа Гәыргәлиа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкны еиҿкааз Аҳәынҭқарратә комиссиа аиҳабы, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ  Џьансыхә Нанба алахьеиқәҵаратә митинг аҿы иқәгылара:

«Иахьа абра алахьеиқәра ду ҳаиднакылеит. Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаагарц ҳаиқәшәеит акыраамҭатәи ачымазара бааԥс ашьҭахь, зыԥсҭазаара иалҵыз, абжьыуаа рҿеиԥш Аԥсны ахы-аҵыхәа ирдыруаз аԥсуа нхаҩ нага, аԥсуара аҳаҭыр баны иныҟәызгоз Алмысхан Гәыргәлиа иԥа – Апполон Гәыргәлиа. Аԥсадгьыл аԥа иаша, зеиԥш дмаҷыз аҟаза, зыхьӡ ахара инеиҩхьаз аҳақьым.
Гәыргәлиа Апполон Алмасхан-иԥа диит Очамчыра араион, Кәтол ақыҭан 1951 шықәсазы.
Ашкол даналга ашьҭахь дҭалоит Львовтәи аҳәынҭқарратә медицинатә институт ахәшәтәратә факультет. Далгоит 1974 шықәсазы.
1975 шықәсазы Украина, Сумы ақалақь аҿы ахирургиазы аинтернатура дахысуан.
Анаҩс аус иуан Сумтәи аобласт Тростенец ақалақь аҿы, хирургс. 
1979 шықәсазы Аԥсныҟа дхынҳәит, аус иуан Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭаҿ хирургс.
1981 шықәсазы Харьковтәи Аҭҵаарадырратә институт  аҿы аординатура далганы иусура иациҵоит Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭаҿы.
1985-1987 шықәсқәа рзы ҳақьым хадас дыҟан.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианналага инаркны Џьгьардеи Ҷлоуи ақыҭақәа рҿы агоспитальқәа реиҿкаара напалеикит. Аибашьра цонаҵы Џьгьардатәи арратә госпиталь аиҳабы иус, ахирург иус, анестезиолог иус еилеигӡон, Мрагыларатәи афронт аибашьцәа фышәҩык инарзынаԥшуа аԥсра иампыҵихит, иԥсы рхоуп уҳәар алшоит. Иара убасгьы ачымазара зласуаз аҭынч уааԥсыра - ахәыҷқәа, аҳәсақәа, абыргцәа ацхыраара риҭон.
Апполон Гәыргәлиа ааԥсара ҟамҵаӡакәа, иаабац аҭагылазаашьаҿы зеиԥш алымшоз аоперациақәа мҩаԥигон, иӡбахә лакәшәа ирҳәон.
Аибашьра ашьҭахьтәи аҭынч ԥсҭазаараан Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа   ахирург хадас аусура далагоит.
1994-1999 шықәсқәа рзы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрс дыҟан, уи ашьҭахь шықәсык  иназынаԥшуа Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҿ ҳақьым хадан.
2000 шықәсазы Аԥсны атәылахьчара Аминистрра арратә госпиталь ахәышәтәырҭатә хәҭазы аиҳабы ихаҭыԥуаҩс, аԥсуа ар рхирург хадас, Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ахирург хадас дыҟан.
2012-2017 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Реизара - Апарламент ахәбатәи ааԥхьара адепутат.
2017-2021 шықәсқәа рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хадас дыҟан.
Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы иусԥҟа №54 инақәыршәаны «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ихҵан.
Аҭынч аамҭазы иуникалтәу ҩ-томкны иҟоу «Амедицинатә терминқәа аурыс-алатин-аԥсуа жәар» еиқәиршәеит, «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Ҳаҭыр зқәу адоктор» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьан.
Ҳажәлар рзы ас еиԥш иҟоу ауаа рцәыӡра – дак алнарԥсаауеит. Ҳмилаҭ арӷаруеит». 

Аппалон Гәыргәлиа анышә дамардеит иқыҭа гәакьа Кәтол.

  • Республика Абхазия, г. Сухум, Набережная Махаджиров, 32